Хорватиа аԥыза-министр – Ҳара Қырҭтәыла Евроеидгылеи Нато-и ралалара аҽазкра ҳадгылоит

14:47, 24.07.2023

Ховатиа Қырҭтәыла Евроеидгылеи Нато-и ралалара аҽазкреи ареформақәеи рыдгылара нанагӡоит, – иҳәеит Хорватиа аԥыза-министр Андреи Пленкович Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Хорватиа аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәылаҟны аекономикатә аизыҟазаашьақәа рырҿиара дадгылоит.

Андреи Пленкович Қырҭтәыла аҧыза-министр Хорватиа иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа ирдырит.

“Ховатиа Қырҭтәыла Евроеидгылеи Нато-и ралалара аҽазкреи ареформақәеи рыдгылара нанагӡоит. Ари авизит иазгәаҭатәуп, уи ҳекономикатә еизыҟазаашьақәа реиӷьтәра алшоит. Гәахәара ду ала иазгәасҭоит иахьа ҳаҳҭнықалақь, Загреб аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара шаартхо. Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, иҵаулоу анализ азы, Украинеи Амшын Еиқәеи рырхарҭала ишәымоу агәаанагарақәа ахьсашәҳәаз азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит “, – иҳәеит Хорватиа аԥыза-министр.

Еиԥшу