Хәажәкыратәи акциақәа рус азы Лазаре Григориадис  9 шықәсатәи аҭакра иқәҵоуп
Хәажәкыратәи акциақәа рус азы Лазаре Григориадис 9 шықәсатәи аҭакра иқәҵоуп

2023 шықәса хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи зхарарҵо Лазаре Григориадис 9 шықәсатәи аҭакра иқәҵоуп.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ Звиад Шараӡе минуҭқәак раԥха азыӡба даԥхьеит.

Азинхьчаҩцәа Лазареи Григориадис дааныркылеит хәажәкыра 29 рзы, хәажәкыра 31 рзы уи заанаҵтәи аҭакра иқәҵан. Лазаре Григориадис  хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи ихарарҵоит.  Аусеилыргара адыррақәа рыла, 21 шықәса зхыҵуа  Лазаре Григориадис  акциақәа раан аполициа аусзуҩцәа ахаҳәқәеи Молотов икоктеильқәеи ргәыдиҵон, убри амшала, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа аахақәа роуит. Иара убас, аусеилыргара адыррала, Григориадис Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амашьына Toyota Corolla амца ацреиҵеит, ари ала аҳәынҭқарра 39000 лари аԥхасҭа аиуит.