Хаҭиа Деканоиӡе Гурама Маҷарашвили аҧаҭлыка игәыдылҵеит

15:48, 29.04.2024

Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет аилатәараҿы  Гурам  Маҷарашвилии Хаҭиа  Деканоиӡеи  аимак рыбжьалеит.

Ари аимак Анри Оханашвили иӡбара иахҟьеит. Оханашвили Хаҭиа Деканоиӡе арегламент еилалгеит,   аилатәара аанлыжьроуп ҳәа иҳәеит.

Деканоиӡе апарламенттә аиҳара  «акгьы иаҧсам»  «аурысцәа» ҳәа рзылҳәеит. Уи иаҭакны Гурам Маҷарашвили апротест ҟаиҵан,  ишиҳәаз ала,  лара ақырҭуа атәылауаҩра Украинаҿ амаҵзураҭыҧ ду азы илыҧсахит. Деканоиӡеи Маҷарашвилии ианеицәҳауаз,  Хаҭиа Деканиоиӡе  Гурама Маҷарашвили аҧаҭлыка игәыдылҵеит.

 

Еиԥшу