Х-телееилахәырак Қырҭтәыла алхрақәа рҿы аекзитполқәа рылҵшәақәа цәырыргеит
Х-телееилахәырак Қырҭтәыла алхрақәа рҿы аекзитполқәа рылҵшәақәа цәырыргеит

Абжьыҭира апроцедура ахыркәшареи алхырҭақәа рыркреи ашьҭахь, х-телееилахәырак рхатә екзитпоқәа рылҵшәақәа цәырыргеит.

Ателееилахәыра  «Формула» азы аекзитпол мҩаҧнагеит америкатә еилахәыра  «Edison Research».  Асааҭ  18:00 рзы аекзитпол адыррақәа рыла, Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа рҟынтә: Каха Калаӡе — 43%; Ника Мелиа — 39%; Гьаргь Гахариа  — 7%.   «Формулы» ажурналист ишазгәеиҭаз ала, апартиатә реитингқәа ҧыҭраамҭак ашьҭахь ицәырыргоит.

Ателееилахәыра  «Имеди» —   «GORBI» адыррақәа асааҭ  18:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала.

Апартиақәа рреитингқәа: «Ақырҭуа гәахәтәы» — 47,6%; «Иаку амилаҭтә ҵысра» — 27,1%; «Гьаргь Гахариа —  Қырҭтәыла адгыларазы» — 6,8%; «Лело» — 2,8%.

Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа: Каха Калаӡе  — 51,3%; Ника Мелиа — 34,6%; Гьаргь Гахариа — 5,6%; Ана Долиӡе  3,1%.

«Мҭавари архи» азы аекзитпол мҩаҧнагеит афранцыз еилахәыра  «IPSOS».  Аекзитпол адыррақәа рыла, апропорциатә сиақәа рҿы Қарҭ апартиақәа абри алҵшәа роуит: «Ақырҭуа гәахәтәы» — 38,6%, «Амилаҭтә ҵысра» — 33%, «Қырҭтәыла адгыларазы» — 7,6%, «Гирчи» — 4,8%, «Лело» — 4%.

Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа арҟынтә аҧхьагылара имоуп Ника Мелиа  — 40,8%, Каха Калаӡе  — 40,2%, Гьаргь Гахариа  — 8,79%.