Урсула фон дер Лаиен -  Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала, Урыстәыла,  жәларбжьаратәи аиҿкааразы  ишәарҭароуп
Урсула фон дер Лаиен -  Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала, Урыстәыла,  жәларбжьаратәи аиҿкааразы ишәарҭароуп

«Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала, Урыстәыла,  жәларбжьаратәи аиҿкааразы  ишәарҭароуп», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен  Токио лвизит аан, уаҟа лара аҧыза-министр  Фумио Кисида диҧылеит.

Фумио Кисида ишиҳәаз ала, «Урыстәыла ала Украина ажәылара Европа мацара иаҧырхагам, уи Азиаҿгьы жәларбжьаратәи зин апринципқәа еиланагоит».

Токио имҩаҧысуаз асаммит ихы алаирхәит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель.

Европатәи алидерцәа ишырҳәаз ала, Евроеидгыла Азиа арегион аҿы иаҳа зымҽхак дуу ахәмарҩыс иҟалар аҭахуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа, аенергетика уҳәа, еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы Урыстәыла аҿагылара амзызла аусеицура арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит.