Урсула фон дер Лаиен Киев даҭааит
Урсула фон дер Лаиен Киев даҭааит

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Киев даҭааит. Еврокомиссиа ахада ари атәы аалыцҳаит  Twitter лдаҟьаҿы.

Урсулы фон дер Лаиен лажәақәа рыла, лара Владимир Зеленскии Денис Шмыгали зҵаарақәак ирызкны драцәажәоит.

«Аибашьра ианалага инаркны Киев ахҧатәи свизит мҩаҧызгоит. Аиҭакра дуқәа ҟалеит. Уажәшьҭа Украина  —  Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп. Владимир  Зеленскии  Денис  Шмыгали   Украина евроинтеграциа апроцесс иазкны срацәажәар сҭахуп», — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.