Урсула фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, Европа, агазмҩангақәа рыла иаиуа урыстәылатәи агаз азы амаксималатә ахә шьақәнаргылароуп
Урсула фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, Европа, агазмҩангақәа рыла иаиуа урыстәылатәи агаз азы амаксималатә ахә шьақәнаргылароуп

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, Европа, агазмҩангақәа рыла иаиуа урыстәылатәи агаз азы амаксималатә ахә шьақәнаргылароуп. Ари атәы аанацҳаит агентра  «Рейтер».

«Агәра ганы сыҟоуп урыстәылатәи агаз азы амаксималтә ахә ашьақәыргылара аамҭа шааиз. Уажәазы иҟоу акризис иазҧхьагәаҭаны, европатәи аҩаӡараҟны агаз ахә армаҷра рыдаагалар ҳалшоит», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада.

Евроеидгылаҿ ари атема иалацәажәар ҟалап цәыббра  9  рзы имҩаҧысраны иҟоу аенергетика аминистрцәа реиҧылараан.