Урыстәылатәи Дума аспикер ажәалагала ҟаиҵеит, Урыстәыла иқәҵыз, Украина иадгыло атәылауаа рмал рымхра иазкны
Урыстәылатәи Дума аспикер ажәалагала ҟаиҵеит, Урыстәыла иқәҵыз, Украина иадгыло атәылауаа рмал рымхра иазкны

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Дума аспикер Виачеслав Володин  ажәалагала ҟаиҵеит, Урыстәыла иқәҵыз, Украина иадгыло атәылауаа рмал рымхра иазкны. Ари атәы уи “Телеграмм” аҿы ааицҳаит.

“Урҭ иузеиҭамго амазара қьырала иарҭоит, аулафахәы роуеит. Аха Урыстәыла, ҳофицарцәа, ҳаруаа аҳәынҵәа аҿаҟьара иаҿуп, азыӡбанагӡара иацәцоит ҳәа ргәы иаанагоит”, – иҩит Володин.

Володин игәаанагарала, аемигрантцәа Украина адгыларазы иҟарҵо аҳәаҭақәа аекстремизм, анацизм ареабилитациа, арбџьармчқәа рдискредитациа ауп ҳәа ахәшьара аҭара ҟалоит.

Урыстәылатәи Дума аспикер ажәалагала ҟаиҵеит, Урыстәыла иқәҵыз, Украина иадгыло атәылауаа рмал рымхра иазкны.