Урыстәылатәи ателеканал "Дождь" ԥасатәи ателе-амҩаԥгаҩ Коростелов Латвиа аҭаара илшом
Урыстәылатәи ателеканал "Дождь" ԥасатәи ателе-амҩаԥгаҩ Коростелов Латвиа аҭаара илшом

Урыстәылатәи ателеканал “Дождь” ԥасатәи ателе-амҩаԥгаҩ Алексеи Коростелов Латвиа аҭаара илшом. Ари атәы аанацҳаит акьыԥхь “Дельфи”.

Коростелов асиа еиқәаҵәа данырҵеит Латвиа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иқәҵара инақәыршәаны.

“Дельфи” аинформациа ала, Коростелов Қырҭтәыла аус иуан, Латвиа авиза ма анхаразы азин имам, убри аҟынтә Латвиа анапхгара уи иҭакра алшара амам.

Ԥхынҷкәын 1 азы “Дождь” амҩаԥгаҩ ателе-ефир ала ахәаԥшцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ателехәаԥшра адыррақәа азаарышьҭыр Урыстәыла имҩаԥысуа амобилизациа апроцесс аан аҭыԥ змаз аилагарақәа ирызкны.

“Арратә маҵзуҩцәа афронт аҿы ацхыраара рзаарԥшра, рҭагылазаашьа аиӷьтәра ҳалшап ҳәа сгәыӷуеит”, – иҳәеит ателе-амҩаԥгаҩ. Ԥхынҷкәын 6 рзы Латвиа Аелектронтә аихқәа релектронтә хеилак аурыс ателеканал “Дождь” алицензиа аԥнахит.