Урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла Харьков алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит, жәаҩыла ахәрақәа роуит
Урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла Харьков алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит, жәаҩыла ахәрақәа роуит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла Харьков алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит, жәаҩыла ахәрақәа роуит. Харьков ахада Игорь Терехов  иҳәамҭала,  хәыҷык дҭахеит ахәыҷтәы ашҭа аахара аан, даҽа хҩык ҭахеит 12 еихагыла змоу акорпус алахысраан.

Ақалақь ажәылараан  28ҩык ахәрақәа роуит.

Украина ахада Владимир Путин  анхарҭатә корпус ажәылара зныҧшуа авидеонҵамҭа алаирҵәеит. Зеленски ишиҩыз ала, абри  арыцҳара ҟамлар ауан, украинаа урыстәылатәи арратә авиациа ақәхра алшара рымазҭгьы.

«Урыстәыла Харьков иажәылеит  — баша ауааҧсыра, абжьааҧнытә аҩнқәа ирылахысит. Амаҵзурақәа зегьы аиқәырхаратә операциа иалахәып. Уажәы ауаа реиқәырхара иацхраауа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Аурысцәа имҩақәҵоу авиабомба  ақалақь иаларыжьит.   Абри  арыцҳара ҟамлар ауан, украинаа урыстәылатәи арратә авиациа ақәхра алшара рымазҭгьы. Ҳпартниорцәа абри атеррор аанкылара ҳалзыршаша аӡбарақәа рыдыркылароуп.  Ари аҳәара зегь рыла ииашоуп. Украина ахыхьчара алшара амазароуп.   Хара ихысуа абџьар ҳҭахуп. Уи ауп ауаа рыҧсҭазаара еиқәзырхо», — иҩит Зеленски.