Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Даҕьстан иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  20ҩык рҟынӡа,  46ҩык ахәрақәа роуит
Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Даҕьстан иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  20ҩык рҟынӡа,  46ҩык ахәрақәа роуит

Даҕьстан иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  20ҩык рҟынӡа,  46ҩык ахәрақәа роуит. Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла,  быжьҩык цәгьала иҟоуп. Иҭахаз иреиуп азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи, атәылауаҩратә хаҿқәеи, аиашахаҵаратә ныхабаа апапи.

Урыстәылатәи азинхьчаҩцәа 5ҩык ақәлаҩцәа ршьит, урҭ рыхьӡқәа еилкаауп.

Рашәара 23 рзы Дербенти  Махачкалеи бџьарла еибыҭаз ақәҧаҩцәа аиашахаҵаратә уахәамақәеи, синагогеи, аҧыҧшырҭеи ирықәлеит.