Урыстәылатәи аих -Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа беларустәи Гомель ақалақь рымҩаԥгаразы украинатәи аган ақәшаҳаҭхеит
Урыстәылатәи аих рдыррақәа рыла, Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа беларустәи Гомель ақалақь рымҩаԥгаразы украинатәи аган ақәшаҳаҭхеит, урыстәылатәи аделегациа Гомельҟа амҩа иқәлеит.
Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, Ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Урыстәыла ахада Дмитри Песков иахьа ишааицҳаз ала, “Иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, ахада иадминистрациеи, егьырҭ аусбарҭақәеи ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау урыстәылатәи аделегациа украинаа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы Беларусь иаҭааит. Гомель ақалақь аҿы аиҿцәажәарақәа ралагара ҳазыхиоуп”.