Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра  Russia Today афранцызбызшәатәи канал иадыркит
Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра  Russia Today афранцызбызшәатәи канал иадыркит

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра  Russia Today афранцызбызшәатәи канал иадыркит. Урыстәылатәи ателееилахәыра ари аӡбара аднакылеит Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанкциақәа рымшала ателееилахәыра абанктә хыҧхьаӡара абаандаҩтәра ашьҭахь. Ари атәы аалыцҳаит афранцызбызшәатәи редакциа аредактор Ксениа Федорова.

«Ҳканал уаҳа аус  азуӡом», — илҩит Федорова  Twitter аҿы.

Ателееилахәыра апресс-релиз ишану ала, аителееилахәыраҿ  аус зуаз   123ҩык,  урҭ рыбжьара 77ҩык  ажурналистцәагьы,  аусурҭа рцәыӡит.

Урыстәыла Украина ианажәыла ашьҭахь,  европатәи атәылақәа рацәа рҿы урыстәылатәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра  Russia Today  адырраҭара иҧкын.   2022 шықәса хәажәкыра инаркны  Russia Today-и  агентра  «Спутник»-и Евроеидгыла аҵакырадгьылаҿ аусура азин рымам.