Урыстәылантә, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҵакырадгьыл иалсны, аихамҩала Шәамахьтәылаҟа идәықәҵоуп 126 тонна акарбамидтә аҵәҵәыреи 67 тонна ашылеи
Урыстәылантә, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҵакырадгьыл иалсны, аихамҩала Шәамахьтәылаҟа идәықәҵоуп 126 тонна акарбамидтә аҵәҵәыреи 67 тонна ашылеи
Аинформациа ишану ала, Урыстәылантә, атранзитла, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҵакырадгьыл иалсны, Шәамахьтәылаҟа идәықәырҵахьеит 28 000 тонна арыци, 4 000 тонна еиҳаны аҵәҵәыреи, 133 тонна алиуминии, 68 тонна ахаџьеи.
Атранзит инаваргыланы, Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа ииаргоит анефҭаалыҵгьы. Уажәазы Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа идәықәырҵахьеит 10 000 тонна еиҳаны адизельтә былтәи, 979 тонна абензин AI-92-и 2 955 тонна абензин AI-95-и.