Урыстәыла украинатәи Доброполье ақалақь аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан 11-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит
Урыстәыла украинатәи Доброполье ақалақь аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан 11-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, иаха Урыстәыла украинатәи Доброполье ақалақь аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан 11-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит.

Аԥсыҭбарақәа иреиуп хәҩык ахәыҷқәа.

Аԥхасҭа роуит аҩнеихагыладуқәа хәба, амашьынақәа рацәаны, аҩнқәа амца рыцралеит.

“Амцы арцәараан ампыҵахалаҩцәа даҽа жәыларак  “Шаҳидла” мҩаԥыргеит, амцарцәратә машьына аԥхасҭа аиуит”, – аарыцҳаит Украина Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟынтә.