Урыстәыла Украина аҳҭнықалақь Киев  изымҩаԥнагаз аракетатә жәылараан бжьҩык ҭахеит, 15-ҩык ихәит
Урыстәыла Украина аҳҭнықалақь Киев изымҩаԥнагаз аракетатә жәылараан бжьҩык ҭахеит, 15-ҩык ихәит

Урыстәыла Украина аҳҭнықалақь Киев аганахьала имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан бжьҩык ҭахеит, 15-ҩык ихәит.

Киев ахада Витали Кличко иҟаиҵаз аҳәамҭала, ракетак ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҵакыраҿ каҳаит, апациетцәа аевакуациа рзууп. Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала, еилаҳаз ахәшәтәырҭа ахыбраҿ ауааԥсыра рыԥшаара иаҿуп.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Киев, Шевченкотәи араион аҿы аҩнеихагыла ду аракета ақәшәеит.