Урыстәыла Украина аганахьала имҩаҧнагаз ажәылара ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара хәҩык рҟынӡа ишьҭыҵит
Урыстәыла Украина аганахьала имҩаҧнагаз ажәылара ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара хәҩык рҟынӡа ишьҭыҵит

Урыстәыла Украина аганахьала имҩаҧнагаз ажәылара ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара хәҩык рҟынӡа ишьҭыҵит.  Житомиртәи, Волынтәи, Днепропетровсктәи, Харьковтәи, Запорожтәи атәылаҿацәқәа рҿы ахәрақәа  зауз иҟоуп.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ажәылара аенергетикатә инфраструктура ақәхра иазкын, Киевтәи  ГЕСгьы уахь иналаҵаны.

Иҟоу адыррақәа рыла,  иахьа шьыжьымҭан Урыстәыла Украина иаахеит  100 инареиҳаны аракетақәеи  100 раҟара адронқәеи рыла.