Урыстәыла вице-аԥыза -Урыстәылатәи анефт аимпорт ембарго ақәырҵар, Мосвка Германтәыла аԥсабаратә газ аҭара иаҟәыҵуеит
Урыстәылатәи анефт аимпорт ембарго ақәырҵар, Мосвка Германтәыла аԥсабаратә газ аҭара аҟәыҵуеит. Ари атәы ааицҳаит Урыстәыла вице-аԥыза Александр Новак.
Новак иажәақәа рыла, “урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеи аџьармыкьазы икатастрофахоит.”
Урыстәыла вице-аԥыза игаанагарала, ари ҟалар, “ахьы еиқәаҵәа” баррельк ахә 300 доллар иаҟарахоит.
Новак иажәақәа рыла, Евроеидгыла урыстәылатәи анефҭ альтернатива аԥшаара имарианы азалшом.
Иахьазы Евроеидгыла анефҭ 30%, агаз 40% Урыстәылантә аиуеит.