Урыстәыла рыԥсҭазаара иалҵит зеиԥшҟамлац ала ирацәаны ауааԥсыра. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла иԥсит 808-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 21 932-ҩык рыдбалан, 769-ҩык иԥсит.
Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.
Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 6 000 000-ҩык иреиҳаны, иԥсхьеит 168 049 -ҩык апациентцәа.