Урыстәыла Киев аганахь зымҽхакҭбаау ажәылара мҩаԥнагеит, ҩыџьа ҭахеит, 52-ҩык ахәрақәа роуит
«Киев, ракетный обстрел непосредственно жилого дома, люди под завалами. Все службы мобилизованы на месте. Россияне — террористы», — написал Зеленский в соцсетях, опубликовав видео с места происшествия.
Урыстәыла Киев аганахьала зымҽхакҭбаау ажәылара мҩаԥнагеит. Украинатәи аихқәа рдыррақәа рыла, иҭахеит 52-ҩык, ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Киев ақалақь ахада Витали Кличко идыррақәа рыла, Свиатошинскитәи араион аҿы анхарҭатә ҩны аҩналарҭа еилаҳаит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп иҷыдоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа. Егьырҭ араионқәа рҿы ахыбрақәа, амашьынақәа, ахәыҷбаҳча, ашкол блит. Кличко иажәақәа рыла, ақалақь аԥхасҭа ду аиуит.
Украина Апрезидент Володимир Зеленскигьы ари ахҭыс дақәҿиҭит.
“Киев, аракетатә жәылара ишиашоу анхарҭатә хыбра аганахьала, ауаа арара аҵаҟа иҟоуп. Амаҵзурақәа зегьы амобилизациа рзууп. Урыстәылауаа зегьы итеррористцәоуп”, – иҩит Зеленски асоциалтә ҳаҿы.