Урыстәыла Киев аганахьала имҩаҧнагаз аракетатә аахара амшала аӡәы дҭахеит, жәҩык ахәрақәа роуит
Урыстәыла Киев аганахьала имҩаҧнагаз аракетатә аахара амшала аӡәы дҭахеит, жәҩык ахәрақәа роуит. 5 машьынак иблит, иара убас, аҧхарратә магистраль аҧхасҭа аиуит.
Ари аинформациа аладырҵәеит Киевтәи администрациа анапхгаҩы Сергеи Попкои, Киев ахада Витали Кличкои, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзуреи.
Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аракетатә аахара мҩаҧнагеит урыстәылатәи астратегиатә авиациа.