Урыстәыла Киев аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, хҩык ҭахеит, 20-ҩык атәылауаа ахәрақәа роуит.
Киев ахада Витали Кличко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара иацҵар ҟалап, аиқәырхаратә операциақәа уажәгьы нагӡоит.
Ажәылараан аԥхасҭа аиуит атәылауаҩратәт инфраструктура – аҩнеихагыладуқәа, аҩнқәа, амашьынақәа. Киев хәҭак афымцалашарада аанхеит.
Иара убас, Украинатәи ақалақь Луцк аганахьала имҩаԥгаз ажәылараан хәҩык ахәрақәа роиут.