Урыстәыла Казахстанынтә Европаҟа анефт атранзит ааннакылеит
Урыстәыла Казахстанынтә Европаҟа анефт атранзит ааннакылеит

Урыстәылатәи аӡбара ақәҵара инақәыршәаны, Казахстанынтә Европаҟа анефт мҩанызгоз атерминал иаркуп.  Новороссииск иҟоу Приморсктәи араионтә аӡбарҭа ақәҵарала,  «Каспиатәи амҩанагагатә консорциум»  30 мшы рыла аусура иаҟәыҵуеит.

Ари аӡбара рыдыркылеит ишәарҭоу ааглыхратә обиектқәа ртехникатә ҭагылазаашьа агәаҭараан «Ространснадзор»  иаанарҧшыз аилагарақәа рымшала.

«Каспиатәи амҩангагатә консорциум» — казахстантәи анефт аекспорт азы ахадаратә маршрутуп. Ари амҩангагала шықәсык аҩныҵҟала  67 миллион атонна анефт мҩаныргоит.

Ишдыру ала, Казахстан анефт аҭаҵәах ду амоуп, аха, Каспиа ада амшынашҟа даҽа ҭыҵырҭак амам, анефт аекспорт, бжеиҳарала, ә имҩаҧысуеит Амшын еиқәаҿы иҟоу Новороссиисктәи атерминал ала.

Украинатәи АИХ ишазгәарҭаз ала, уажәааны Урыстәылеи Казахстани Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы рҳәатәы еиқәымшәеит. Кахзахстан ахада  Касым-Жомарт Токаев аргама ааицҳаит Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рхьыҧшымра азхаҵара игәы ишҭам.