Урыстәыла Чернигов аганахьала дронқәа рыла ажәылара мҩаԥнагеит.
Аԥырҩы дызҭам аппаратқәа раан аԥхасҭа ԥшьҩык ауааԥсыра роуит.
Аԥсыҭбарақәа ирызку адыррақәа иҟам.
Чернигов арратәадминистрациа анапхгаҩы Дмитри Брижински ишааицҳаз ала, ажәылараан аинфраструктура аԥхасҭа ду аиуит.
“Аԥхасҭа роуит ахыбрақәа, ашкол, дәқьанқәак, автобус ааҭгылара, аашлыхырҭақәа”, – иҳәеит Дмитри Брижински.