Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра – Украинатәи арбџьармчқәа амшынтә дронқәа рыла Қрымтәи ацҳа иажәылеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра – Украинатәи арбџьармчқәа амшынтә дронқәа рыла Қрымтәи ацҳа иажәылеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, Ҟрымтәи ацҳа адронқәа рыла иажәылеит. Москва ишырҳәаз ала, иаха х-катерк иқәхын.

Ажәылара амшала Ҟрымтәи ацҳаҿ аамҭала аиҭаҵра аанкылан.

Украинатәи аган Урыстәыла ала импыҵахалоу Ҟрымтәи адгьылбжьахалеи Урыстәылеи еимыздо ацҳа ажәылара иадҳәаланы макьана аилыркаарақәа ҟарымҵацт.