Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла икарыжьит украинатәи 28 дрон
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла икарыжьит украинатәи 28 дрон

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла икарыжьит украинатәи 28 дрон. Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа карыжьит Волгоградтәи, Ростовтәи, Белгородтәи, Воронежтәи, Курсктәи аобластқәа рҟны.

“Киевтәи арежим аԥырҩыдызҭам аппаратқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿ иҟоу аобиектқәа рганахьала атерактқәа рымҩаԥгара аҭахын. Иқәхуп 28 дрон, урҭ рҟынтә бжьаппаратк Волгоградтәи аобласт аҟны карыжит, ԥшьаппаратк – Белгородтәи аобласт аҟны, ҩаппаратк – Воронежтәи аобласт аҟны”, – аарыцҳаит атәылахьчаратә усҳәарҭа аҟынтә.