Урыстыла ацентртә банки авиациеи рганахьала Евроеидгыла аднакылаз асанкциақәа иахьа амч роуеит.
Евроеидгыла аофициалтә вебдаҟьа ианылаз ақәҵара инақәыршәаны, урыстәылатәи аҳаирпланқәа Евроеидгыла аҳауатә қәыԥшылараҿ аԥырреи Ацентртә банк арезервқәа роперациақәа рыҟаҵареи рылшом.
Евроеидгыла Урыстәылазы аҳауатә қәыԥшылара аркра аӡбара аднакылеит. Евроеидгыла Украина адгылара арӷәӷәоит, Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирџьабоит. Урыстәылатәи амассатә информациатә хархәагақәак “Раша ҭудеи”, “Спутник” урҭ ирыҵанакуа аилахәылақә Евроеидгыла аҵакыраҿы русура аанкылоуп.
Иара убас, Евроеидгыла ахеилак Украина азалнахуеит 450 миллион евро иаԥсоу абџьар.