Урыстәыла, Алеқсеи Навальни идгылдаҩцәа имҩаҧыргоз адемонстрациақәа раан 3 000ҩык раҟара ауааҧсыра аанкылоуп

Алеқсеи Навальни ихақәиҭтәра аҳәара ала иахьа Урыстәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы  имҩаҧысуаз адемонстрациақәа раан 3 600ҩык иреиҳаны аанкылоуп. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаратә еиҿкаара «ОВД-Инфо» адыррақәа рыла, зегьы реиҳа ирацәаны ауааҧсыра аанкылоуп Москвеи Санкт – Петербурги.

Иара убас, аларҵәара зауз аинформациа ала, Алеқсеи Навльни иҧҳәыс Иулиа Навальнаиагьы дбаандаҩыртәит. Иаанкылоу иреиуп АИХ ахаҭарнакцәагьы.

Иаанкылоу ауааҧсыра акоронавирус амшала атәылаҿы ишьақәыргылоу арегулиациақәа реилагара рхарарҵоит.

Навальни даанкылан жьҭаара 17 рзы, Шереметиево аҳаирбаҕәазаҿы, Германтәылантә Москваҟа даныхынҳәуаз.