Урыстәыла ала Киев аахара амшала аӡәы дҭахеит, 16ҩык ахәрақәа роуит
Урыстәыла ала Киев аахара амшала аӡәы дҭахеит, 16ҩык ахәрақәа роуит. Ари атәы ааицҳаит Украина ахада Владимир Зеленски. Иара иажәақәа рыла, уи Киенв аганахьала уаанӡа имҩаҧгаз ажәыларақәа рҟынтә зегьы реиҳа иҕәҕәан.
Украина Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра амаҵзура адыррақәа рыла, аахақәа мҩаҧган Киев 5 раионк рҿы.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишьақәнарҕәҕәеит урыстәылатәи арбџьармчқәа аракетақәеи адронқәеи рыла Киев ишаахаз.