Аӡиудо | Лука Маисураӡе Европа иаарту ачемпионат аҿы аиааира игеит #1TVSPORT

19:48, 19.07.2026

Сараево имҩаҧысуа аӡиудо азы Европа иаарту ачемпионатаҿ адунеи ачемпион  Лука Маисураӡе  (90 кьыла) ахьтәы медаль игеит  – ақырҭуа ӡиудоист афиналаҿ аиталиан Џьакомо Гамба диааин,  ари ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга аҩбатәи ахьтәы медаль азааигеит.

Сараево имҩаҧысуа атурнир актәи амш азы  даҽа қырҭуак, адунеи ачемпион Гьаргь Сардалашвили  (66 кьыла) ахьтәы медаль игеит, 21 шықәса зхыҵуа Ҭорнике Мосиашвили  (73 кьыла) ахҧатәи аҭыҧ ааникылеит.

Еиԥшу