Урыстәыла акоронавирус зыдбалаз ауаа рхыԥхьаӡара 7 миллионҩык иреиҳауп
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 18 645-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 15 256-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 793-ҩык.
Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.
Апандемиа иалагеижьҭеи нанҳәа 5-нӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 7 012 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 6 270 000-ҩык иреиҳаны апациентцәа, 187 200-ҩык иԥсхьеит.