Урыстәыла акоронавирус 37 156-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 1 254-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 37 156-ҩык рыдбалан, 37 004-ҩык ачымазара иалҵит.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 1 254-ҩык.
Апандемиа иалагеижьҭеи Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 9257 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 7 956 000-ҩык ирериҳаны, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 261 589-ҩык апациентцәа.
Атәылаҿ алаҵа рзыҟарҵахьеит 58000000-ҩык рҟынӡа.