Урыстәыла акоронавирус 28 284 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 552ҩык апациентцәа иҧсит
Урыстәыла акоронавирус 28 284 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 24 390ҩык ачымазара иалҵит, 552ҩык апациентцәа иҧсит.
Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа атәылаҿы акороанвирус ахкҿыц ҿыркааит 3 миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра. Урҭ рҟынтә 2 450 829ҩык ачымазара иалҵхьеит, 54 778ҩык апациентцәа иҧсит.