Урыстәыла акоронавирус 21 983 афакт ҿыцқәа аарҧшуп.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы авирус амшала иҧсит 411ҩык апациентцәа.
Иахьазы атәылаҿы 441 000 еиҳаны активтә фактқәа иҟоуп.
Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 1 880 551ҩык атәылауаа, урҭ рҟынтә 32 443ҩык апациентцәа иҧсит.