Урыстәыла акоронавирус 16 710 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 229ҩык апациентцәа иҧсит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Урыстәыла акоронавирус 16 710 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 229ҩык апациентцәа иҧсит.
Ари аинформациа Урыстәыла аиҳабыра рсаит ҷыда иануп.
Аофициалтә статистика инақәыршәаны , иахьа уажәраанӡа атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 1,5 миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 1,1 миллионҩык ачымазара иалҵхьеит, 26 050ҩык апациентцәа иҧсит.