Урмас Реинсалу - Украина аиааира агара ашьҭахь, Урыстәыла агәыла-тәылақәа ашәарҭадара авариантқәеи аԥсҭазаашьа аҵаси ралхра рыҵаҳәара азин амамзароуп, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Босниа Герцеговинеи рзы ари ашьҭымҭа хада ауп
Урмас Реинсалу - Украина аиааира агара ашьҭахь, Урыстәыла агәыла-тәылақәа ашәарҭадара авариантқәеи аԥсҭазаашьа аҵаси ралхра рыҵаҳәара азин амамзароуп, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Босниа Герцеговинеи рзы ари ашьҭымҭа хада ауп

Украина аиааира агара ашьҭахь, Урыстәыла агәыла-тәылақәа ашәарҭадара авариантқәеи аԥсҭазаашьа аҵаси ралхра рыҵаҳәара азин амамзароуп, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Босниа Герцеговинеи рзы ари ашьҭымҭа хада ауп, – иҳәеит Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Урмас Реинсалу.

Естониатәи адипломат иажәақәа рыла, Европа ашәарҭадара архитектура ҿыц аԥҵаразы, акритериқәа ирышәашәалоу атәылақәа Нато аҭаацәара иалалароуп.

“Ашьҭымҭа ӷәӷәа ҳамазароуп – Европа ашәарҭадара архитектура ҿыц аԥҵаразы, Украина аиааира агароуп, ари Украина ишаҭаху еиԥш – Украина аҵакырадгьыл ахақәиҭтәра, агрессор-тәыла аҟынтә атәыла аиуз аԥхасҭа амцхәра азура, Путини идгылаҩцәеи рҭыԥ ахьыҟоу  жәларбжьаратәи атрибунал аҿаԥхьа рыргылара. Аҩбатәи ашҭымҭа  – Украина аиааира агара ашьҭахь, Урыстәыла агәыла-тәылақәа ашәарҭадара авариантқәеи аԥсҭазаашьа аҵаси ралхра рыҵаҳәара азин амамзароуп, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Босниа Герцеговинеи рзы ари ашьҭымҭа хада ауп. Европа ашәарҭадара архитектура ҿыц аԥҵаразы, акритериқәа ирышәашәалоу атәылақәа Нато аҭаацәара иалалароуп”, – иҳәеит Реинсалу.

Естониатәи адипломат хада ишааицҳаз, Естониа Нато иаарту ашәқәа аполитика ӷәӷәала адгылоит.