Украинеи Беларуси рҳәааҿ Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәара иалагеит
Украинеи Беларуси рҳәааҿ Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәара иалагеит, украинатәи агани аинформациа ала, аиҿцәажәара зҵаара хаданы иқәгылоуп зыԥшра ҟамҵакуа ахымца аанкылареи Украина урыстәылатәи ар ралгареи.
Украинатәи аделегациа иалоуп анапхаратә фракциа ахантәаҩы Давид Арахамиа, Атәылахьчара аминистр Аоексеи Резников, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Точицки, ахада иадминистрациа ахаҭарнакцәа, Рада адепутат Рустем Умаров, хганкалатәи аконтакттә гәыԥ аделегациа алахәылацәа.
Урыстәылатәи аделегациа ахада Путин ицхырааҩ Владимир Медински иоуп. Урыстәыла аделегациа иалоуп Адәныҟатәи аусқәеи Атәылахьчареи рминистррақәеи, ахада иадминистрациеи егьырҭ аусҳәарҭақәеи рхаҭарнакцәа.