Украинатәи Рада - Иҭабуп, Қырҭтәыла, аукраин жәлар шәыдгылара рцәа ианыруеит
Украина Иреиҳаӡоу Рада Қырҭтәыла иаҭабууп урыстәылатәи арбџьарқәа Буча иршьыз ауааҧсыра ргәаларшәаразы Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧгаз акциа-перфоманс азы.
«Иҭабуп, Қырҭтәыла, аукраин жәлар шәыдгылара рцәа ианыруеит», — иануп Twitter аҿы Украинатәи Рада иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла атәылауаа, аурыс ампыҵахалаҩцәа Буча ақалақь аҿы иршьыз аҭынчуаа ргәаларашәаразы Қарҭ, Русҭавели имҩаду аҿы акциа-перфоманс мҩаҧыргеит.