Украинатәи аруаа ишаарыцҳаз, Авдеевка ааигәара иҟоу ҩқыҭак рҟынтә иқәҵит
Украинатәи аруаа Авдеевка ааигәара иҟоу ҩқыҭак рҟынтә иқәҵит, – аанацҳаит Украина ауажәларратә дырраҭара Украина абџьрмчқәа роперативтә гәыԥ “Тавриа” ахаҭарнак Дмитри Лиховои иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
“Ҳаруаа ақыҭа хәыҷқәа – Севеноеи Степноеи рҟынтә иқәҵит. Арҭ ақыҭақәа рҿы аибашьра иалагаанӡа 100-ҩык инхон”, -иҳәеит Лихавои.
Иажәақәа рыла, украинатәи аруаа Тоненкои, Орловкеи, Бердычеви рҟны афронт ацәаҳәа аҭышәынтәалара рылшеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ишааицҳаз, аурысцәа украинатәи аиланхарҭа Северное ааныркылеит.