Украинатәи арратә хәҭақәа  Соледар иалҵит
Украинатәи арратә хәҭақәа  Соледар иалҵит

Украинатәи арратә хәҭақәа ақалақь  Соледар иалҵит. Украинатәи арбџьармчқәа Мрагыларатә гәыҧ апресс-маӡаныҟәгаҩ Сергеи Череват  арбџьармчқәа Соледар ианалҵыз арыцхә имҳәеит.

«Мызқәак инагӡоз агәымбылџьбаратә ақәҧара ашьҭахь, украинатәи арратә хәҭақәа Соледар ааныжьны, заанаҵы идырмазеиз апозициақәа  рышҟа ихьаҵит», — иҳәеит украинатәи ар ахаҭарнак.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз  ала, Соледар ҩымчыбжь раҧхьа иргеит.