Украинатәи ар импыҵахалоу Ҟрым иҟоу урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа рракетатә дивизион абомбақәа рыларыжьит
Украинатәи ар импыҵахалоу Ҟрым иҟоу урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа рракетатә дивизион абомбақәа рыларыжьит

Украинатәи ар импыҵахалоу Ҟрым иҟоу урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа “ЕС-200” аракетатә дивизион абомбақәа рыларыжьит. Украина арратә мчқәа ргенштаб аинформациа ала, урыстәылатәи аракетатә гәыԥ Џьанкои араион аҟны гылан.

Иара убас, украинатәи аруаа абомбақәа рыларыжьит импыҵахалоу Ҟрым иҟоу Евпаториа ақалақь ааигәара игылаз ЕС-300 адивизионқәа ҩба.