Украинатәи амедиа  - Роберт Фицо Денис Шмигаль идигалеит Украина иалганы аурыс еилахәыра  „Лукоиль“ анефҭ атранзит аиҭашьақәыргыларазы атехникатә аӡбара адкылара
Украинатәи амедиа  - Роберт Фицо Денис Шмигаль идигалеит Украина иалганы аурыс еилахәыра  „Лукоиль“ анефҭ атранзит аиҭашьақәыргыларазы атехникатә аӡбара адкылара

Словакиа аҧыза-министр Роберт Фицо украинатәи иколлега Денис Шмыгаль ҭелла диацәажәан, Украина иалганы аурыс еилахәыра  „Лукоиль“ анефҭ атранзит аиҭашьақәыргыларазы атехникатә аӡбара адкылара идигалеит.

„Аурыс анефҭ хәҭак атранзит Словакиатәи  анефҭ аус адуларатә зауад азы  аҵакы ду амоуп, анефҭ альтернативтә хыҵҵырҭақәа иаҳа рыхә цәгьоуп, атехникатә ганахьалагьы имариам“, – ирҳәеит Словакиа аиҳабыраҿ.

Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, Словакиатәи аган аарыцҳаит иҳаракӡоу аҩаӡараҿы интенсивла аиҿцәажәарақәа шынарыгӡо, аха, ари апроблема ӡбашьас иарҭараны иҟоу  макьана ирҳәом.

Ҧхынгәы 22 рзы Венгриеи Словакиеи Еврокомиссиа иадҵаалан, анефҭ атранзит иадҳәаланы украинатәи аган рҟны аконсультациақәа рпроцессаҿ абжьацәажәара амҩаҧгара иаҳәеит. Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииарто ишиҳәаз ала, Украина ахатә ҵакырадгьыл иалганы Лукоил анефҭ атранзит иақәшаҳаҭхаанӡа, Венгриа Европа Аҭынчратә фонд аҟынтә Украина  6,5 миллиард евро азоушьҭра иақәшаҳаҭхом.