Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Киев аганахьала ажәылара мҩаԥган камикаӡе дронқәа рыла
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Киев аганахьала ажәылара мҩаԥган камикаӡе дронқәа рыла

Урыстәыла Киев аганахьала ажәылара мҩаԥган камикаӡе дронқәа рыла, аԥжәарақәа рыбжьы уажәгьы гоит, – ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа. Киев ахада Витали Кличко ауааԥсра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахықәахырҭақәа рахь ииасырц.

Аԥжәарақәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеихьеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ахаҭаранкцәа, хыбрак амца цралеит.

Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, камикаӡе дронқәа ирбеит Киевтәи аокруг иаҵанакәа аиланхарҭақәа рҿы. Украинатәи аруаа дронқәак  ркарыжьра рылшеит. Апилот дызмам аԥырратә аппарат ирбеит Черкасктәи аокруг аҿы.