Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи ар Харьков даҽазнык абомбақәа аларыжьит, ауаа рацәаны ихәит
Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи ар Харьков даҽазнык абомбақәа аларыжьит, ауаа рацәаны ихәит

Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи ар Харьков даҽазнык абомбақәа аларыжьит. Аԥжәагак аҩнеихагыла ду иақәҳаит. Ахәрақәа роуит 21-ҩык, урҭ иреиуп хҩык ахәыҷқәа.

Харьковтәи аобласт арратә администрациа анапхгаҩы Олег Синегубов иажәақәа рыла, ақалақь аҿы ҩԥжәагак каҳаит. Абомба ақәҳаит Харьков, Шевченково араион аҟны иҟоу аҩнеихагыладу.