Украинатәи аихқәа - Аҩны шкәакәа Украинашҟа арратә цхыраара аиуразы  имҩаԥыргаран иҟоу ареформақәа ирызку ашәҟәы рышьҭит
Украинатәи аихқәа - Аҩны шкәакәа Украинашҟа арратә цхыраара аиуразы имҩаԥыргаран иҟоу ареформақәа ирызку ашәҟәы рышьҭит

Жәларбжьаратә аекономикатә зҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә абжьагаҩ ихаҭыԥуаҩ Маик Паил адонорцәа рконференциа аплатформа ашҟа ашәҟәы ишьҭит. Ашәҟәы арратә цхыраара иацынхәрас имҩаԥыргаран иҟоу ареформақәа ирызкуп. Ари аанацҳаит “Украинская правда”.

Акьыԥхь аинформациа ала, иара убас ашәҟәы рзырышьҭит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгали Украина ахада иаппарат.

Акьыԥхь аланарҵәаз адырра инақәыршәаны, адокумент аҿы иарбоуп а ԥсахрақәеи урҭ рынагӡаразы амҩақәеи.