Украинатәи афлот аинформациала, адгьылбжьаха "Змеиный" ахьчаҩцәа рыԥсы ҭоуп
Украинатәи афлот аинформациала, адгьылбжьаха "Змеиный" ахьчаҩцәа рыԥсы ҭоуп

Украинатәи амчрақәа рыруаа, адгьылбжьаха Змеиныи аҟны игылаз рыԥсы ҭоуп, аурыс ир инкылан ирымоуп ҳәа аанацҳауеит Украинатәи афлот.

“Ҳаигәырӷьоит ҳаруаа рыԥсы ахьҭоу,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Украина ахада Владимир Зеленски уаанӡа украинатәи аррамшынуааи аҳәаахьчаҩцәеи ҭахеит ҳәа рылеиҳәеит, “ианҭаха ашьҭахь” аҳәынҭқарратә ҳамҭақәагьы риҭеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра уаанӡа адырра ҟанаҵеит агарнизон аҿы иҟаз 82 украинатәи аруаа хатәгәаԥхарала рыҽшрырҭаз.