Украинаҟа ихынҳәыз  "Азовсталь" ахьчаҩцәа рнапхгаҩцәа еиҭах афронтахь ацара ргәы иҭоуп
Украинаҟа ихынҳәыз  "Азовсталь" ахьчаҩцәа рнапхгаҩцәа еиҭах афронтахь ацара ргәы иҭоуп

Украинаҟа ихынҳәыз  “Азовсталь” ахьчаҩцәа рнапхгаҩцәа еиҭах афронтахь ацара ргәы иҭоуп

Украина ахада Владимир Зеленски ицны Ҭырқәтәылантә Украинаҟа ихынҳәыз  “Азовсталь” ахьчаҩцәа  ишырҳәаз ала, дара аибашьрахь еиҭацоит.

Львов имҩаҧгаз аиҧылараҿы  «Азовсталь» ахьчаҩ  Денис Прокопенко ишиҳәаз ала, уажәы украинатәи ар астратегиатә инициатива анапахьы аагара алшароуп.

Азоваа аҧсадгьылахь рыхынҳәра ацеремониаҿ ахада Зеленски даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит аибашьраҿы  иаадырҧшыз афырхаҵаразы.

«Азовсталь» ахьчаҩцәа  атҟәараҟынтә рхы иақәиҭыртәит  2022 шықәса цәыббразы, иахьанӡа дара Ҭырқәтәыла иҟан. Арратә атҟәацәа реиҭныҧсахлара азы урыстәылатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧигон Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп  Таип Ердоҕан. Усҟан ишеиқәшаҳаҭхаз ала,   «Азов» анапхгаҩцәа аибашьра еилгаанӡа Ҭырқәтәыла иҟазар акәын.