Украина иреиҳаӡоу Рада Дмитро Кулеба Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аҟынтә иамхар иадгылеит
Украина иреиҳаӡоу Рада Дмитро Кулеба Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аҟынтә иамхар иадгылеит

Украина иреиҳаӡоу Рада Дмитро Кулеба Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аҟынтә амхар адгылеит.

Адепутат Иарослав Железниак ишааицҳаз ала, Кулеба имхра иадгылеит 240-ҩык адепутатцәа  Афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы Давид Арахамиа ишааицҳаз ала, Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ ааникылоит Кулеба актәи ихаҭыԥуаҩ Андреи Сибига.

Сибига Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дақәдыргылеит 2021 шықәса ԥхынгәы азы, 2016-2021 шш. рзы уи Ҭырқәтәыла Украина ацҳаражәҳәаҩ дыҟан.

Цәыббра 5 рзы Рада  Аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рреинтеграциа азҵаарақәа рзы аминистр, вице-аԥыза Ирина Верешьук ламхра азҵаара адгылеит.

Уаанӡа иамхын Европеи евроатлантикатәи аинтеграциеи рызҵаарақәаа рзы аминистр, Украина аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ольга Стефанишинеи Аиустициа аминистр Денис Малиуски, Аԥсабарахьчара аминистр Руслан Стрелеци.