Украина Иреиҳаӡоу Рада аспикер иҳәамҭала, хҩык аминистрцәа рнапынҵақәа шьҭарҵеит
Украина Иреиҳаӡоу Рада аспикер иҳәамҭала, хҩык аминистрцәа рнапынҵақәа шьҭарҵеит

Украина хҩык аминистрцәа аамҭакала рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Ари атәы ааицҳаит Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Руслан Стефанчук.

Знапынҵақәа шьҭазҵаз аминистрцәа руаӡәы  — Украина астратегиатә ааглыхратә усхкқәа рзы аминистр иоуп, иара аибашьраан  атәылаҿы абџьар аҭыжьра дахылаҧшуан.

Иара убас арзаҳалқәа рҩит аиустициа аминистр  Денис Малиусеи Украина  аҧсабареи аҧсабаратә ресурсқәеи рыхьчара аминистр  Руслан Стрелеци.