Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алуда Звиадаури иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа ааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алуда Звиадаури иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа ааргеит

Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алуда Звиадаури иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа ааргеит.

Аҳаирбаӷәазаҿ ауацәеи аҩызцәеи еизеит.

Алуда Звиадаури ипанихида Қашуеҭтәи аныхабаа аҿы мҩаԥгахоит. Уи арраҭә ҳаҭыр ақәҵаны анышә дарҭоит.

Алуда Звиадаури Украина мчыбжьык аԥҳьа дҭахеит. Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 16-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.